Аблоҭиа изанааҭ иазкны: сгәалаҟара шьҭызхуа ак акәны иҟоуп афильмқәа рҭыхра
Жьҭаара 19 рзы 76 шықәса ихыҵит акинорежиссиор, асценарист, акиностудиа "Аԥсуа фильм" адиректор, Аԥсны Жәлар рартист, "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Виачеслав Аблоҭиа. Зфильмқәа зегьы бзиа еицырбо Виачеслав Андреи-иԥа имшира аҽны арадио Sputnik аинтервиу аиҭеит.