Сақаниа: Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа игәцаракны иҳамоуп
Ҩынҩажәижәаба шықәса раԥхьа, нанҳәа 17 рзы, Париж, иԥсҭазаара далҵит раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба. Аԥсны амилаҭтә галериаҿы иҵәахуп 200 рҟынӡа хәы змамӡам асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә галереиа аиҳабы, аҟазараҭҵааҩы Сурам Сақаниа.