Дбар: ҳџьынџьуаа Аԥсны аҳәаақәа ирыԥну адгьылҵакырақәа рҟны инхар ҟалоит
Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иаауа ҳџьынџьуаа Аԥсны аҳәаақәа ирыԥну адгьылҵакырақәа рҟны рнырхара азҵаара ишахәаԥшуа. Уи азы аминистр араионқәа рхадацәа дырԥыланы аҭагылазаашьа ҭиҵаауеит.