Дамениа 40 шықәса раԥхьа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылаз аконституциа иазкны
1978 шықәсазы "Аԥсны иамам азин Қырҭтәыла алҵра" ҳәа зҳәоз аконституциа ҿыц аднакылеит Аԥсны иреиҳаӡоу Асовет. 40 шықәса раԥхьа ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз аибырххарақәеи, избан ас еиԥш ақәҵара зрыдыркылази ртәы, арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа.