Ахьаа зыртәо ԥшьнашанатә цәаҳәак
Зычҳара уадаҩу акәны иԥхьаӡоуп абылра ахьаа. Уи амедицинатә цхыраарада аиқәыртәара уадаҩуп. Аха иҟазаап, ԥшьнашанатә цәаҳәак, минуҭқәак ирылагӡаны ахьаа цәгьа зыртәо. Уи абылра аҭәҳәа ауп. 35 шықәса ҵуеит, Лиудмила Алшәындԥҳа абылра иацу ахьаа аҭәҳәала еиқәзыртәоижьҭеи. Уи аҭәҳәа шылҵаз, насгьы иамоу амч атәы Саида Жиԥҳа лматериал аҿы.