Кәарацхьелиаԥҳа Аҟәатәи асааҭқәа ирызкны: иӷәӷәаҟацаӡа иҟалоит
Аҟәатәи абааштә сааҭқәа рмеханизм аизгара иаҿуп иҷыдоу ацех аҿы. Аусзуҩцәа рнапала идырҭәоит, еиқәдыршәоит, асааҭқәа зкызаауа ашьаҟа. Уи шымҩаԥысуаз арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит ацех аҿы иҟаз, аусзуҩцәа ирыҿцәажәаз, ҳкорреспондент Сариа Кәарацхьелиаԥҳа.