Кәыҵниаԥҳа: ԥсшьара иаҳго ахәыҷқәа рҟынтә иҟоуп Аԥсны анҭыҵ имцац
Аҳҭнықалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак апроект аҳәаакәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахәыҷы рацәа змоу ф-ҭаацәарак Лоо арлахҿыхратә комплекс аҿы рыԥсы ршьеит. Абри атәы Sputnik Аԥсны арадио иалҭаз аинтервиу аҿы илҳәеит Аҟәа аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак ахаҭарнак Есма Кәыҵниаԥҳа.