Арҵаҩы: аҳәынҭқарра зегьы злеибарку изааӡо арҵаҩы иоуп
Арҵаҩы изаанаҭ аҭакԥхықәреи аџьабаа дуи зцу ауп, иҳәеит Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳа ҭелла дзыҿцәажәоз Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ адиректор, Аԥсны "Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ иаԥсахаз, Џьума Габуниа.